Аусуратә визитла Қырҭтәыла  даҭаауеит Модова авице-аҧыза
Аусуратә визитла Қырҭтәыла  даҭаауеит Модова авице-аҧыза

Аиналареи атәылауаҩратәа иҟарареи азҵаарақәа рзы  Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани лааҧхьарала, ажьырныҳәа  30-31 рзы, аусуратә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит аинтеграциа азҵаарақәа рзы Молдова авице-аҧыза Олег Серебриани. Ари аинформациа аланарҵәеит аҳәынҭқарратә министр лаппарат.

„Авизит хықәкыс иамоуп аминистр лаппарати Молдоватәи ареспублика аинтеграциа абиурои рыбжьара аусеицура арҭбаареи,  егьырҭ аҳәынҭқарратә страуктурақәа рҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи, наҟ-наҟтәи аусеицура аҳәаақәҵареи.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Молдова авице-аҧыза, Қырҭтәыла аҧыза-министри, аиҳабыра алахәылацәеи, апарламент ахантәаҩи,  аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара иазку аамҭалатәи акомиссиа анапхгаҩи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ахаҭарнакцәеи, аекспертцәеи дырҧылоит. Иара убас, авизитла иазҧхьагәаҭоуп Цхинвалтәи арегион ампыҵахалатә цәаҳәашҟа анеирагьы“,- иануп Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министр лаппарат аинформациаҿы.