Аусеилыргаратә маҵзура ахаҭарнакцәа хажәкыразы акцизда аҭаҭын аҵәахреи, аиагареи, аҭиреи 20 факт аадырҧшит
Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра Аусеилыргаратә маҵзура адыррала, 2024 шықәса хажәкыразы акцизда аҭаҭын аҵәахреи, аиагареи, аҭиреи 20 фактқәа аарҧшын, убри амшала, 28ҩык ахара рыдуп, урҭ рҟынтә 11ҩык аанкылоуп.
Амаҵзура адыррала, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра ирыдбалоуп аҭиразы ирмазеиз 99 161 апачка акциздатә аҭаҭын, уи аџьармыкьатә ахә зынӡа 500 000 лари еиҳауп.
Зыӡбахәы ҳәоу афакт азы аусеилыргара мҩаҧысуеит Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанеидкыла 200-тәи ахәҭаҷла, уи ала иазҧхьагәаҭоуп фышықәса инаркны аа-шықәсанӡа аҭакра.