Аусеилыргаратә маҵзура ахаҭарнакцәа колл-центрқәа рус иадҳәаланы ҩыџьа ааныркылеит
Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра Аусеилыргаратә маҵзура ахаҭарнакцәа, даҽаӡә имал закәандарала ахатәтәра афакт азы ҩыџьа ааныркылеит.
Аусеилыргара аан ишеилкаахаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра, ацәгьауратә гәыҧ егьырҭ алахәылацәа рыцырхрааны, ауаа рмал ахатәтәра амзызла, ахәаахәҭратә платформа аҧҵаны, атәым ҳәынҭқаррақәа ртәылауаа ахәаахәҭрала ахашәала ду роуеит ҳәа ижьаны, аҧара аиагара рыдарцалон, анеҩс, закәандарала ари аҧара ргон.
Ишеилкаахаз ала, ахара зду ауааҧсыра атәымтәылауаа закәандарала ирымырхит 340 нызқь лари.
«Аусеилыргараан, ахара зду ауааҧсыра Қарҭ ирымаз колл-центрқәа реимдараан аарҧшын атәымтәылауаа рхатә дыррақәа зну аинформациа», — иануп Аусеилыргаратә маҵзура аинформациаҿы.