Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак еилатәараҿ атәылаҿ иҟоу аепидҭагылазаашьа иахцәажәеит
Аепидемиологиатә тенденциақәеи, ачымазаҩхара адинамика, ахәышәтәырҭақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа ирыхәаԥшит иахьа имҩаԥысыз аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак еилатәара аҿы. Аилатәара аԥыза-министр инапхгарала мҩаԥган.
Аилатәараҿ иазгәаҭан адунеи аҿы ишьақәгылаз аепидҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, авакцианциа апроцесс апандемиа аҿа́гылара аус аҿы аҵак ду шамоу.
Аусбарҭабжьаратә акоординацитә хеилак ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит асоциалтә дистанциа рыхьчарц, асабрадақәа рыҟәыргаларц, алаҵақәа ҟарҵарц.
Ахеилак аинформациа ала, атәылаҿ имҩаԥысуа авакцинациазы амарафон аҳәаақәа ирҭагӡаны алаҵақәа рзыҟаҵан 1400-ҩык иреиҳаны. Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 698944–ҩык, урҭ рҟынтә 639564-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 9831-ҩык иҧсит. Акарантин аҿы иҟоуп 51-ҩык, аклиникатә хәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 975-ҩык, астационар аҿы – 6186-ҩык.