Аусԥшааратә маҵзура ԥхынгәы азы ашәахтә рацәаны гәҭакыла амшәара афакт аанарԥшит
Аусԥшааратә маҵзура ԥхынгәы азы ашәахтә рацәаны гәҭакыла амшәара афакт аанарԥшит

Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра Аусԥшааратә маҵзура аусуҩцәа имҩаԥыргаз аусԥшааратә уснагӡатәқәа раан, ԥхынгәы азы ашәахтә рацәаны гәҭакыла амшәара афакт аадырԥшын, ԥшьҩык ааглыхцәа рганахьала ашьаусԥшаара хацыркит, – аанацҳаит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра Аусԥшааратә маҵзура.

“Аусԥшаара аан ишаарԥшыз ала, ахара зду ахаҿқәа аматериалтә феида аиуразы, Ашәахтә закәанеидкыла еилаганы, реилахәырақәа рқьарқәа рҵәахуан. Ари ацәгьоураан аҳәынҭқарратә биуџьет 865 904 лари азарал аиуит

Аусԥшаара хацыркуп Ашьауӷа закәанеидкыла 218-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭала, ари ацәгьуоразы иазыԥхьагәаҭоуп хәышқәса инаркны аашықәсанӡа аҭакра”, – иануп аинформациа аҿы.