Аурыс aмпыҵaхaлaҩцәa жәыргьыҭтәи aмуниципaлитет иaҵaнaкуa Хурчa aқыҭa aaигәaрa иҟaз aихaтә ҭелқәa ықәыргеит. Актәи aкaнaл aдыррaқәa рылa, aурыс aмпыҵaхaлaҩцәa aҳәaa aдемонтaж ҧхынҷкәын aнҵәaмҭaзы иaлaгеит.
Аихaтә ҭелқәa 200 м шьҭaхьҟa иaргеит. Аусурaқәa уaжәгьы инaгӡоит.
Ҵыҧх, мшaҧымзaзы Жәыргьыҭ aрaион иaҵaнaкәa Хурчa aқыҭaҿ aҭыҧaнтәи уaaҧсырa рыдгьылқәa рҿы aихaтә ҭелқәa дыргылеитҕ Изaкәaным aбордеризaциa aзҵaaрa Гaлтәи aиҧылaрaқәеи жәлaрбжьaрaтәи еиҧылaрaқәеи рaaн изныкымкәa иқәдыргылaхьеит.