Аурыс ампыҵахалаҩцәа Харьков аракетақәа аларыжьит, иҭахаз иҟоуп. Аларҵәара зауз аинформациа ала, ҩыџьа иҭахеит, 17ҩык ахәрақәа роуит. Ари аинформациа алаирҵәеит харьковтәи арратә администрациа аиҳабы Олег Синегубов.
Харьков ахада Игорь Терехов иҳәамҭала, урыстәылатәи арбџьармчқәа ауааҧсыра зегьы реиҳа иахьырацәаз араион иажәылеит.
Иара убас, урыстәылатәи амчқәа Николаев иҟоу агуманитартә цхыраара ашьҭаҵарҭа аракетақәа аларыжьит. Ари атәы ааицҳаит Николаев арратә администрациа аиҳабы Витали Ким. Иара иажәақәа рыла, ахәыҷқәеи аҭаҳмадацәеи ирызкыз жәа-тоннала афатәаалыҵ иблит.