Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар Қырҭтәыла даҭаауеит
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар Қырҭтәыла даҭаауеит.
Маикл О’Флаерти ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны иара аиҳабыреи атәылауаҩратә уаажәларреи ахаҭарнакцәа дырҧылоит.
«Сара Қырҭтәылаҟа сдәықәлоит атәыла аиҳабыреи атәылауаҩратә уаажәларреи ауаҩыәтыҩса изинқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рзы срацәажәарцаз», — иҩит Маикл О’Флаерти.