Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР Европатәи Ахеилак  Урыстәыла ала Украинаҿ иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа рыҭҵаара алагара иазку арезолиуциа аднакылеит
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР Европатәи Ахеилак  Урыстәыла ала Украинаҿ иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа рыҭҵаара алагара иазку арезолиуциа аднакылеит

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР Европатәи Ахеилак  Урыстәыла ала Украинаҿ иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа рыҭҵаара алагара иазку арезолиуциа аднакылеит.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР Европатәи Ахеилак асаит ишану ала, арезолиуциа иадгылеит 33 ҳәынҭқарра, 12 ҳәынҭқарра рҽааныркылеит. Адокумент иақәшаҳаҭымхеит 2 тәыла заҵәык,  Китаии Еритреиеи.

Аофициалтә информациа инақәыршәаны, ари аус Украина аибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа рзы урыстәылатәи аруаа рыла иҟаҵаз ацәгьаурақәа ирызкуп.

Киевынтә авидеоацҳала Ахеилак алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Емине Џьапарова.  Лара лажәақәа рыла, 10 мчыбжь рыҩныҵҟа Украина акаамеҭҵәҟьа иҭагылан. Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар Мишель Бачелет ишазгәеиҭаз ала, аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы Киев иазааигәоу араионқәа рҿы зқьҩыла рыҧсыбаҩқәа аадырҧшит, урҭ рыхәҭак иргәаҟны иршьит ҳәа иҧхьаӡоуп. Урыстәыла арҭ ахарадҵарақәа мап рцәыркуеит.