Ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку 2023 шықәсазтәи Аҳәынҭдепартамент аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахә ҳәоуп
Ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку 2023 шықәсазтәи Аҳәынҭдепартамент аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахә ҳәоуп

Ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку 2023 шықәсазтәи Аҳәынҭдепартамент аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахә ҳәоуп.

Аҳасабырбаҿ ишану ала, 2023 шықәсазы ақырҭуаа атәыла Евроеидгыла алалара адгыларазы игылеит.

“Иара убас ауааԥсыра Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат статус аиура иаԥырхагоз азакәанпроект аҿагыларазы изныкымкуа акциа дуқәа мҩаԥыргеит. ԥхынҷкәын азы Европа Ахеилак аӡбарала, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалразы акандидат тәыла астатус анашьан, абжьагарақәа ҟаҵан жәхырхарҭак рҿы апрогресс аиура иадҳәаланы – урҭ адемократиатә алхрақәеи, аиащаӡбаратә реформеи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аиӷьтәреи ирызкуп “, – иануп аҳасабырба аҿы.

Адокумент аҿы ауаҩытәыҩа изинқәа ирызку еиуеиԥшым ахырхарҭақәа аарԥшуп.

Адокумент аҿы ишану ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аофициалтә хаҿқәак рганахьала ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара афактқәа рзы аусԥшаара хацнаркит, аха ахьырхәрадара ихадоу апроблемас иаанхоит.

“Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсни Алада Уаԥстәылеи рӡы ацентртә напшхара аконтроль шьақәгылам, де-факто анапхгарақәа Урыстәыла адгылара рымоуп, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рхырхарҭала идуӡӡлу проблемақәа ыҟоуп – ауаҩшьра, изакәаным аанкыларақәа, абаандаҩтәрақәа, аиҭаҵра аԥырхагахара, арҭ еиқәыԥхьаӡоу апроблемақәа аиҳарак ақырҭуа уааԥсыра ирԥылоит”, – иануп аҳасабырба аҿы.

Ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку 2023 шықәсазтәи Аҳәынҭдепартамент аҳасабырбаҿ 2023 шықәсазы импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҟны Ҭамаз Гинтури ишьреи 2-23 шықәсазы импыҵахалоу Гал аполициа хаҭарнакцәа Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭемур Карбаиа игәаҟреи ирызку афактқәагьы аарԥшуп.

Ира убас аҳасабырба иалоуп Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иус.

Аарԥшра ахақәаиҭра иазку ахәҭаҿы, ателееилахәыра “Формула” ашьаҭаркҩы, Атәылахьчара ԥасатәи аминистр Давид Кезерашвили иӡбахә ҳәоуп. Аҳасабырбаҿ ишану ала, аихқәа рыхьчаҩҵәа агәынамӡара аадырԥшуеит Атәылахьчара аминистрра Давид Кезерашвили иганахьала имҩаԥнагаз акыдцалара, аҳасабырба инақәыршәаны, уи акритикатә телехәаԥшра аԥыхра акәын хықәкыс иамаз.

Иара убас, Ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку 2023 шықәсазтәи Аҳәынҭдепартамент аҳасабырбаҿ “Атәым нырра аартызаара” иазку азакәанпроект иаҿагыланы имҩаԥысуа акциақәа рызҵаарагьы аарԥшуп. Адокумент аҿы ишану ала, ари азакәан Қырҭтәылеи жәларбжьаратәи ауаажәлар акритика ду азыруит. Адокумент аҿы́ ишану ала, 2023 шықәсазы зымҽхак ҭбааз апротест афон аҿы анапхгаратә партиа ари азакәан мап ацәнакит.