Ауаҩытәыҩа изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа Гига Оҭхозориа ишьра аус азы аҭакԥхықәра урыстәылатәи аган иақәнаҵан, аҭаацәара 130 000 евро акомпенсациа ашәара ақәнаҵеит
Ауаҩытәыҩа изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа Гига Оҭхозориа ишьра аус азы аӡбамҭа аднакылеит.
Аӡбарҭа аус азы Ауаҩытәыҩа изинқәа рзы европатәи аконвенциа аҩбатәи ахәҭаҷ (аԥсҭазаара зин) аилагара шьақәрангылеит. Ари аус аҿы иаарԥшуп 38-тәи ахәҭаҷ аилагара – Урыстәылатәи Афедерациа аӡбарашҟа аармышьҭит иашьашәалоу ашьауӷа аус аматериалқәа.
Гига Оҭхозориа иҭаацәара 130 000 евро акомпенсациа ааиуроуп.