Ауаажәларратә аиҿкаарақәа жәба Қырҭтәыла ала Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцесс ахәшьара арҭеит
Ауаажәларратә аиҿкаарақәа жәба Қырҭтәыла ала Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцесс ахәшьара арҭеит

Ауаажәларратә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рҳәамҭала, аҳасабырбаратә аамҭа иалагӡаны, Қырҭтәыла инаӡаны инанагӡеит 1 абжьагарак, бжеиҳарала инанагӡеит 2 абжьагарак, хәҭала инанагӡеит 7 абжьагарак, иҵегьы 2 абжьагарак (адеолигархизацеи адеполиаризациеи) нагӡатәуп. Ари атәы иануп афонд «Иаарту ауаажәларра» иаланарҵәаз адокумент аҿы.

Аиҿкаара аҳәамҭа инақәыршәаны, уаанӡатәи аҳасабырбақәагьы аадырҧшит атәылауаҩратә уаажәларра ахәшьарақәа  2023 шықәса рашәара 22 рзы Европатәи Ахеилак ицәырнагаӡ абжьаратә ахәшьара ишашьашәалоу.

Ахәшьара инаваргыланы, адокументаҿ иарбоуп Қырҭтәыла акандидат астатус аиурц азыҳәан атәыла аиҳабыра иҟарҵараны иҟоу ашьаҿақәа.

Ауаажәларратә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рыхәшьара ала,  Қырҭтәыла инаӡаны инанагӡеит 1 абжьагарак, бжеиҳарала инанагӡеит 2 абжьагарак, хәҭала инанагӡеит 7 абжьагарак, иҵегьы 2 абжьагарак (адеолигархизацеи адеполиаризациеи) нагӡатәуп.

Адокументаҿ иарбоуп абарҭ аиҿкаарақәа рыхәшьарақәа: афонд «Иаарту ауаажәларра», «Адемократиа аҭҵааратә институт», «Аӡбара ахьчаҩ», «Қырҭтәыла адемократиатә  инициатива», «Қырҭтәыла астратегиеи жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәеи рыҭҵаара афонд», «Анапхгараҭара амониторинг ацентр», «Ареформақәа рзы ақырҭуа ассоциациа», «Ауаҩы изинқәа рзы апартниорра», «Саҧари».

Абарҭ аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, атәыла анапхгара ҩымз рзаанхеит абри аҭоурыхтә алшара ахархәареи абжьагарақәа зегьы рынагӡареи азыҳәан.