Автомобилтә транспорт аусхкы аҿы раҧхьатәи ақырҭуа-китаитәи ҩ-ганктәи комиссиа аилатәара мҩаҧган
Автомобилтә транспорт аусхкы аҿы раҧхьатәи ақырҭуа-китаитәи ҩ-ганктәи комиссиа аилатәара мҩаҧган
Пекин имҩаҧган автомобилтә транспорт аусхкы аҿы раҧхьатәи ақырҭуа-китаитәи ҩ-ганктәи комиссиа аилатәара. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адгьылтә транспорт азы агентра.
Аиҧылара рхы аладырхәит Китаитәи атранспорттә инновациақәа рзы аглобалтә аҭҵааратә центри автомобилтә транспорт ассоциациақәеи рнапхгаҩцәа. Аганқәа рхаҭарнакцәа алогистика аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Китаитәи ареспубликеи русеицура иалацәажәеит.
«Иара убас, аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа, алогистикатә центрқәа раҧҵара алшареи ари ахықәкы анагӡаразы ҳаҧхьаҟа аусеицуреи иазааҭгылеит. Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа русеицуреи, иара убас, автомобилтә транспорти атранзиттә аидарамҩангареи аусхкқәа рҿы аҧышәа аиҭныҧсахлареи аҵакы», — иануп Адгьылтә транспорт азы агентра аинформациаҿы.