Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟаиҵоит атәыла ҿыцқәа ралахәызаара, Урыстәыла анырра цәгьа аҿагылара аконтекст ала ҟаларц
Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟаиҵоит атәыла ҿыцқәа ралахәызаара, Урыстәыла анырра цәгьа аҿагылара аконтекст ала ҟаларц

Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Александр Шаленберг игәы шаанаго ала, Евроеидгыла “мрагыларатә апртниорра” аусеицура аформат уаҳа аус ауӡом. Ари атәы уи ааицҳаит Financial Times аинтервиу аҿы.

“Мрагыларатә партниорра аус ауӡом. Уи цәыӡит. Евроеидгыла агәыларатә политика аконцепциа ԥсахтәуп”, – иҳәеит Шаленберг.

Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, Евроеидгыла агәыла тәылақәа рганахьала абжьаратә ҭагылазаашьақәа рыдкылара уаҳа алшом.

“Авакуум иҟам. Ма ари ҳара ҳмодель ауп, ма даҽаӡәы имодель ауп”, – иҳәеит уи.