Украина ахада Владимир Зеленски иҳәара шьаҭас аҭаны, Австралиа Украина аҭыԥантәи акәалӡмашьынақәа “Бушмастер” дәықәнаҵоит. CNN аинформациа ала, ари атәы ааицҳаит Австралиа аԥыза-министр Скот Морисон.
“Украиназы аныҳәара мацара акәӡам ҳазҿу, абџьар, агуманитартә цхыраара ҳашьҭуеит, акәалӡмашьынақәа рышьҭрагьы ҳгәы иҭоуп”, – иҳәеит Скот Морисон.
Зеленски австралиатәи аган акәалӡмашьынақәа апарламент аҿы ақәгылаан дрыҳәеит.
“Ибзиоу акәалӡмашьынақәа “Бушмастер” шәымоуп, урҭ Украина ацхыраара рылшоит, иара убас ишәымоу аибыҭара украинатәи ар арӷәӷәара рылшоит. Ари аганхьала ацхыраара шәылшозар, иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит”, – иҳәеит Зеленски Австралиа апарламент аҿы данықәгылоз.