Қәҭешь, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху амҩаду аҿы иҟоу “Қырҭтәыла абанк” афилиал аҟынтә ашасцәа зегьы рхы иақәиҭуп.
“Аоперациа ҷыда ихыркәшоуп. Аӡәы даанкылоуп. Ашасцәа зегьы рхыиақәиҭуп. Аполициа аусуҩцәа ирылшоз зегь ҟарҵеит ашасцәа рхақәиҭтәразы”, – илҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә коммуникациақәа рдепартамент анапхгаҩы Қеҭи Ковзиашвили.
Иахьа аҭыԥ аҿы аоперативтә-усԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуан.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Қәҭешь, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху амҩаду аҿы иҟоу “Қырҭтәыла абанк” иақәлаз ахаҿы ҩмиллион доллари, агьежьԥрыгеи, аҵәгәыри Урыстәыла абираҟи иҭахуп. “Қырҭтәыла абанк” афилиал аҿы 12-ҩык ашасцәа иҟан.