Аҩныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа анаркоацәгьаурақәа рзы 52ҩык ааныркылеит, урҭ рҟынтә  37ҩык анаркохәаахәҭҩцәа роуп
Аҩныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа анаркоацәгьаурақәа рзы 52ҩык ааныркылеит, урҭ рҟынтә  37ҩык анаркохәаахәҭҩцәа роуп

Аҩныҟатәи аусқәа рминистрра  Акриминалтә полициа  Қарҭи,  Имереҭи, Раҷа-Лечхумии,   Аладатәи Шәантәылеи, Шида Қарҭлии, Гыртәыла-Аҩадатәи  Шәантәылеи, Кахеҭии аполициатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аоператив-аҧшааратә уснагӡатәқәа мҩаҧганы,  Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьаурақәа рзы 52ҩык ааныркылеит, урҭ рҟынтә  37ҩык анаркохәаахәҭҩцәа роуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, Германтәылеи, Украинеи, Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи, Нигериеи, Индиеи, Ирани атәылауаа аанкылоуп анаркотикқәа закәандарала раахәареи, рыҵәахреи, рыҭиреи, рыҭира аҽазкреи, закәандарала Қырҭтәылаҟа аагареи ахарадҵарала.