Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра -  Ваке апаркаҿ иҟалаз афакт зхароу ауааҧсыра зегьы аарҧшызаауеит, дара иџьбароу ахьырхәра роуеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра -  Ваке апаркаҿ иҟалаз афакт зхароу ауааҧсыра зегьы аарҧшызаауеит, дара иџьбароу ахьырхәра роуеит

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала аасыцҳар сҭахуп иашьашәалоу аекспертизақәеи аусеилыргаратә уснагӡатәқәеи рышьҭахь изхароу ауааҧсыра зегьы шаарҧшызаауа, дара рызынтәгьы иџьбараӡоу ахьырхәра роуеит», — иҳәеит аҩныҵҟатәиа усқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе иахьатәи абрифинг аҿы.

Дарахвелидзе иҳәамҭала, аусеилыргара иалагеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  240-тәи ахәҭаҷ ала, уи азы иазҧхьагәаҭоуп  4 инаркны  7 шықәсанӡа аҭакра.

Аларҵара зуз аинформациала, Ваке апаркаҿ ихәмаруаз ахәыҷқәа рымпыл аӡыршә иҭаҳаит. Ампыл анҭыргоз хҩык ахәыҷқәа афымца рысит.  Ҩыџьа ахәыҷқәа зыҧшра ҟамҵакәа ахәышәтәырҭашҟа инаган.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргара иалагеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 240-тәи ахәҭаҷ ала  —  афымцеи, аҧхарратә енергиеи, агази, анефҭи, анефҭаалыҵи аобиектқәа рҿы ашәарҭадара апҟрақәа реилагаразы.