Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Кирбали ақыҭа иазааигәаны иҟалаз афакт азы аусеилыргара иалагеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Кирбали ақыҭа иазааигәаны иҟалаз афакт азы аусеилыргара иалагеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Кирбали ақыҭа иазааигәаны иҟалаз афакт иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала, аминистрра аусеилыргара иалагеит ауаҩшьреи закәандарала ахақәиҭра аҧкреи афактқәа рзы.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Шида Қарҭли аполициатә ахәҭа аусзуҩцәа Ашьауҕатә закәанеидкыла 109-и 143-и ахәҭаҷқәа рыла аусеилыргара иалагеит Кирбали ақыҭа иазааигәаны урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ хықәкыла ишьреи егьи атәылауаҩ  закәандарала ихақәиҭра аҧкреи  афактқәа рзы», —  ирҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Аусбарҭа адыррала, азинхьчаҩцәа зыӡбахәы ҳәоу афакт иадҳәаланы аусеилыргаратә усмҩаҧгақәа мҩаҧыргоит.