Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  аиқәырхаратә операциақәа ирызку аҩбатәи европатәи авертолиот "Н 145" аиуит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  аиқәырхаратә операциақәа ирызку аҩбатәи европатәи авертолиот "Н 145" аиуит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаатә полициа авиапарк харҭәаауп аҩбатәи авертолиот  «Н 145» ала.  Авертолиот аҭара аофициалтә церемониа мҩаҧган Германтәыла,   Airbus Helicopters  азауадаҿ.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, авертолиот ҿыц еибыҭоуп аиқәырхаратә аппаратуреи, абылрацәыхьчаратәи ашьхаиқәырхаратәи атехникеи ала. Аборт ҿыц аҳаракыра ду аҿы аусура алшоит.

«Европатәи авертолиот ҿыц  “Н 145” Қырҭтәылаҟа иааргеит Германтәыла,    Airbus Helicopters аҵаратә академиаҿы  азыҟаҵара наӡа иахысыз ақырҭуа екипаж», — ирҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.