Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, иацтәи акциаан аахақәа роуит фҩык аполицаицәа, 63ҩык аанкылоуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, иацтәи акциаан аахақәа роуит фҩык аполицаицәа, 63ҩык аанкылоуп

«Апарламент ахыбра аҧхьа имҩаҧысуаз акциаан фҩык аполицаицәа аахақәа роуит,  63ҩык аанкылоуп», — иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа аанкылоуп амбжьахреи аполициа аҳәарақәа рынамгӡареи азыҳәан.

Иара убас,  Дарахвелиӡе ишиҳәаз ала,  иацтәи акциаан фҩык аполицаицәа аахақәа роуит. Дара ахәшәтәырҭашҟа  ииагоуп.