Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, агендертә шьаҭа змаз Кесариа Абрамиӡе лышьразы, хаҿык даанкылоуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, агендертә шьаҭа змаз Кесариа Абрамиӡе лышьразы, хаҿык даанкылоуп

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, агендертә шьаҭа змаз Кесариа Абрамиӡе лышьразы, хаҿык даанкылоуп.

„Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа аполициа адепартамент аусуҩцәа имҩаԥыргаз аоперативтә уснагӡатәқәа раан агендертә шьаҭа змаз Кесариа Абрамиӡе лышьразы дааныркылеит 1998 шықәсазы ииз Б.Џь.

Ари ацәгьоуразы 16 шықәса инаркны 20 шықәсанӡа ма ԥсраҽнынӡатәи аҭакра иазыԥхьагәаҭоуп.

Аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала, цәыббра 18 рзы, Қарҭ, Диди Диӷоми араион аҿы ахара зду ахаҿы 1987 шықәсазы ииз К.А. аҳәызбала дишьын, дыбналеит”, –  аарыцҳаит аминистрра аҟынтә.

Афакт иадҳәаланы аусеилыргара иалагеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 109-тәи ахәҭаҷ “ҭ”-и “м”-и ахәҭақәа рыла.