Аҩны шкәакәаҿ ишырҳәаз ала, Џьо Баиден Израили Ливани имҩаҧысуа ахҭысқәа ихшыҩ азышьҭны  дрыцклаҧшуеит
Аҩны шкәакәаҿ ишырҳәаз ала, Џьо Баиден Израили Ливани имҩаҧысуа ахҭысқәа ихшыҩ азышьҭны  дрыцклаҧшуеит

Аҩны шкәакәаҿ ишырҳәаз ала, Џьо Баиден Израили Ливани имҩаҧысуа ахҭысқәа ихшыҩ азышьҭны  дрыцклаҧшуеит. Аҩны шкәакәа Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак апресспикер иҳәамҭала, Баиден идҵала, америкатә ачынуаа израильтәи рколлегацәа рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп.

„Ҳара, наҟ-наҟгьы Израиль ҳадгылоит ахыхьчара аганахьала иамоу азин амҩаҧгараҿы, арегионаҿ аҭышәынтәалара аиқәыршәара ахырхарҭала аусура наҳагӡоит“, – ирҳәеит Аҩны шкәакәаҿ.

Иара убас, Пентагон ишырҳәаз ала, Израиль ацхраара иазыхиоуп.

Ишдыру ала, агәыҧ  „Ҳезбола“ аибашьцәа Израиль ахырхарҭала шәкыла аракетақәа дәықәырҵеит, анеҩс, Израиль Ливан аҵакырадгьылаҿ апревенциатә аахарақәа мҩаҧнагеит.