Аҩны шкәакәа -  Америкеи Франциеи евроатлантикатә ҽазышәарақәа рҿы ақырҭуа жәлар ишрыдгыло шьақәдырҕәҕәеит
Аҩны шкәакәа -  Америкеи Франциеи евроатлантикатә ҽазышәарақәа рҿы ақырҭуа жәлар ишрыдгыло шьақәдырҕәҕәеит

Америкеи Франциеи евроатлантикатә ҽазышәарақәа рҿы ақырҭуа жәлар ишрыдгыло шьақәдырҕәҕәеит, — ари атәы иануп Америка ахада Џьо Баидени Франциа ахада Еммануел Макрони реиҧылара ашьҭахь Аҩны шкәакәа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа инапу ала, Америкеи Франциеи рхадацәа анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахь ааҧхьара ҟарҵеит ажәлар рҭаххара пату ақәҵаны, евроатлантикатә мҩа иазыхынҳәырц.

«Америкеи Франциеи Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара иадгылоит, ари апроцесс мҩаҧгазароуп жәларбжьаратәи азини, иара убас, ахьыҧшымреи, аҳәаақәа рыламкьысреи, аҵакырадгьылтә акзаареи апринципқәа рышьаҭала.  Аахыҵ Кавказ иқәынхо ауааҧсыра зегьы рмышхәыбзазара аиқәыршәаразы ҳара арегионалтә интеграциа ҳадгылоит», — иануп Аҩны шкәакәа аҳәамҭаҿы.

Америка ахада Франциа даҭааит аидгылратә бџьармчқәа Нормандиаҟа риагара инаркны  80 шықәса аҵра инамааыны имҩаҧысуа ауснагӡатәқәа рҽалархәразы, уаҟа иара Франциа ахада диҧылеит.