Аҩны шкәакәа адыррала, Џьо Баиден Дональд Трамп ҭелла диацәажәеит
Аҩны шкәакәа адыррала, Џьо Баиден Дональд Трамп ҭелла диацәажәеит

 

Аҩны шкәакәа адыррала,  Америка ахада Џьо Баиден Пенсилваниа  алхраҧхьатәи митинг аҿы ахәра зауз Дональд Трамп ҭелла диацәажәеит.

Аҩны шкәакәа Баидени Трампи  излацәажәаз иазкны аинформациа аланарҵәом.

„Иахьа атәыла ахада Џьо Баиден Вашингтонҟа дхынҳәуеит. Уаҵәы шьыжьымҭан, иара Аҩны шкәакәаҿ, Америка аҩныҵҟатәи шәарҭадара адепартаменти азинхьчаратә усбарҭақәеи рофициалтә хаҿқәа рҟынтә инарҭбаау аинформациа иоуеит“, – иануп Аҩны шкәакәа аҳәамҭаҿы. Ари аҳәамҭа иаланарҵәеит  „CNN“.

Америка ҧасатәи ахада Дональд Трамп Батлер ақалақьаҿ идгылаҩцәа рҿаҧхьа данықәгылоз, иеихсит. Тамп ахәра иоуит, аха, иҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылам. Амитинг алахәылак дҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит, урҭ рҭагылазашьа цәгьоуп.