Аҩны шкәакәа Ааигәа мрагылараҿ иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәалаеы ЕАШ-и, Британиа Дуи, Франциеи, Германтәылеи, Италиеи рлидерцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа аланарҵәеит
Аҩны шкәакәа Ааигәа мрагылараҿ иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәалаеы ЕАШ-и, Британиа Дуи, Франциеи, Германтәылеи, Италиеи рлидерцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа аланарҵәеит

Аҩны шкәакәа Ааигәа мрагылараҿ иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәалаеы ЕАШ-и, Британиа Дуи, Франциеи, Германтәылеи, Италиеи рлидерцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа аланарҵәеит.

“Ҳара – ЕАШ-и, Британиа Дуи, Франциеи, Германтәылеи, Италиеи рлидерцәа – Ааигәа мрагылараҿ иҟоу аҭагылазаашьа ҳахцәажәеит. Аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵареи, ахымца аанкылареи, Газа иҟоу атҟәацәа рхақәиҭтәра иазкны аиқәшаҳаҭра абжьаҵареи ирызку аҽазкрақәа ҳрыдгылоит. Ҳазҭагылоу амчыбжь азы аиҿцәажәарақәа реиҭалагареи, аиқәшаҳаҭра абжьаҵареи ирызкны ахада Баидени, Мысреи, Катари рлидерцәа еицыҟарҵаз ааԥхьарақәа ҳрыдгылоит. Аамҭа иҳамцәцароупю Аганқәа зегьы аҭакԥхықәра рхахьы иргароуп. Уиада, иҳәаақәҵам ацхыраара аҭатәуп. Џьамтәылеи уи иадгыло атеррористтә гәыԥқәеи рҟынтә иаауа агрессиа афон аҿы Израиль адгылара азааҳарԥшит. Џьамтәыла ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Израиль ажәылара иазку ақәмақаррақәа мап ацәнакырц“, – иануп аҳәамҭа аҿы.