Аҩы амилаҭтә агентра адгылара ала, Қырҭтәыла Кореиатәи ареспубликатә аҩҟазацәа ргәыԥ аҭааит
Аҩы амилаҭтә агентра адгылара ала, Қырҭтәыла Кореиатәи ареспубликатә аҩҟазацәа ргәыԥ иаҭааит
Аҩы амилаҭтә агентра апрессмаҵзура аинформациа ала, 12 ҩык рыла ишьақәгылоу агәыԥ иалоуп аимпортиорцәеи, аихқәа рхаҭарнакцәеи, аинфлуенсерцәеи, урҭ Қырҭтәыла иазкны астатиақәа рыҩреи, ахәаахәҭратә партниор ҿыцқәа рыԥшаареи рҭахуп.
Кореиатәи апрофессионалцәа Қырҭтәылашҟа рвизит Аҩы амилаҭтә агентреи Кореиатәи амаркетингтә аилахәыра Wine21.com-еи рыдгылара мҩаԥысуеит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қарҭ имҩаԥысуеит адегустациа (Walkaround Tasting), уи аҳәаақәа ирҭагӡаны кореиатәи апрофессионалцәа ақырҭуа ҩы ааглыхцәа раалыҵ агьама абара рылшоит. Иара убас, атур аҳәаақәа ирҭагӡаны, кореиатәи асасцәа Кахеҭии Қарҭлии иҟоу аҩыааглыхратә аилахәырақәа ирҭааны, аҭыԥ аҿы ақырҭуа ҩыҟаҵара аспецифика рбоит.