Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа Имереҭтәи аполициа адепартамент Қәҭешьтәи аҟәша аусуҩцәа имаԥыргаз аоперативтә уснагӡатқәа раан анаркотикқәа рҭира афакт азы Индиа атәылауаҩ, 2002 шықәсазы ииз Т.Т. дааныркылеит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
АҩАР аинформациа ала, ари ацәгьоуразы иазыԥхьагәаҭоуп 10 шықәсанӡа аҭакра.