Атуризм азы амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, жәабран азы атәым аҭааҩцәа рхыҧхьаӡара азҳаит 274,8%-ла
«2022 шықәса жәабран азы Қырҭтәылаҟа имҩаҧган 151 870 жәларбжьаратәи визитқәа, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 274,8%-ла еиҳауп», — иануп Атуризм азы амилаҭтә агентра аҳасабырбаҿы.
Адокумент инақәыршәаны, Қырҭтәылаҟа 78 571 жәларбжьаратәи визитқәа мҩаҧган адгьылтә мҩала, 72 326 — аҳаиртә мҩала, 414 — амшынтә, 559 — аихамҩала.
Аконкреттә тәылақәа ирызку адыррақәа: Ҭырқәтәыла — 29 606ҩык аҭааҩцәа, Урыстәыла — 20 876ҩык, Шәамахьтәыла — 17 366ҩык, Қырҭтәыла (и резидентцәам) — 15 856ҩык аҭааҩцәа, Израиль — 8 779ҩык, Украина — 8 601ҩык, Азербаиџьан — 7 562ҩык, Казахстан — 4 121ҩык, Беларусь — 3 446ҩык аҭааҩцәа, Иран — 3 272ҩык, Саудовтәи Аравиа — 2 728ҩык, Узбекистан — 2 723ҩык, Польша — 2 080ҩык, Индия — 2 017ҩык, Филиппины — 1 716ҩык аҭааҩцәа.