2023 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аныҟәарақәа арекордтә хашәала аиуит, ари арекордтә рбага 2019 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага 26.2% рыла еиҳауп (856.7 миллион америкатә доллар), 2022 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага +17.3% (608.7 миллион америкатә доллар) рыла еиҳауп – аарыцҳаит Атуризм азы амилаҭтә администрациа аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациала, 2023 шықәсазы атуризм аҟынтә Қырҭтәыла арекордтә хашәала аиуит – 4.1 миллиард адоллар.
2023 шықәса аԥшьбатәи аквартал аҿы жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи ахашәала + 873,677,043 доллар иаҟаран.
“2023 шықәса аԥшьбатәи аквартал аҿы жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи ахашәала + 873,677,043 доллар иаҟаран, ари апандемианӡа иҟаз арбага аҵкьыс 75.6% рыла еиҳауп, 2022 шықәса аҵкыс +30.3% еиҳауп. Ҵыԥх инагӡан 4,669,467 жәларбжьаратә атуристтә визиқәа, 2019 шықәсатәи арбага 91.9% рыла еиҭашьақәгылоуп. 2022 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага аҵкыс 27.8% рыла еиҳауп
2023 шықәса жьҭаара-ԥхынҷкәын рзы инагӡан 1,505,240-ҩык аҭааҩцәа рвизитқәа, ари ала апандемианӡа иҟаз арбага 71% рыла еиҭашьақәгылоуп.
2023 шықәса аԥшьбатәи аквартал аҿы инагӡан 1,013,891 авизитқәа, ари ала 2019 шықәсатәи арбага 93% рыла еиҭашьақәгылоуп”, – иануп Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациа аҿы.