Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи   агентраҿы ишаарыцҳаз ала, Чернобыльтәи АЕС ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа еицәахеит
Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи   агентраҿы ишаарыцҳаз ала, Чернобыльтәи АЕС ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа еицәахеит

Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи   агентраҿы ишаарыцҳаз ала, Чернобыльтәи АЕС ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа еицәахеит.

Агентра адиректор Рафаель Мариано Гросси иҳәамҭала,  аусбарҭа анахарала адырра азҭоз Чернобыльтәи АЕС ахылаҧшратә системақәа рҟны аимадара иҟам.

Агенералтә директор Гросси изныкымкәа иазгәеиҭахьеит аиадертә обиектқәа рҿы аус зуа ауааҧсыра шыҧсахтәу, аҧсшьара алшара шрыҭатәу, ари афактор аиадертә шәарҭадаразы аҵакы ду шамоу.

Зыӡбахәы ҳәоу азҵаара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ  Михаил Подолиак. Иара иҳәамҭала, Атомтә енергиазы агентра астанциа амониторингтә системақәа рҟны аимадара ахьамам амшала, астанциа ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа зеиҧшроу рыздырӡом, уи арегион зегьы азы шәарҭоуп.