Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра  - Запорожтәи АЕСи Украина афымцатә аҳаи рыбжьара аимадара еиҭашьақәгылоуп
Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра  - Запорожтәи АЕСи Украина афымцатә аҳаи рыбжьара аимадара еиҭашьақәгылоуп

«Запорожтәи АЕСи Украина афымцатә аҳаи рыбжьара аимадара еиҭашьақәгылоуп», — ари атәы аарыцҳаит Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентраҿы.

Агентра адыррала, Украинантә ироуз аинформациа инақәыршәаны, атомтә станциа аусура еиҭалагеит.

АЕС, ҧасеиҧш,  арезервтә афымцала  атәыла еиқәзыршәо Запорожтәи астанциа иаҿакуп.