Атомтә бџьар амҩангара зылшо америкатә абомбакажьга B-21 раҧхьатәи аҧырратә аҧышәара мҩаҧган
Атомтә бџьар амҩангара зылшо америкатә абомбакажьга B-21 раҧхьатәи аҧырратә аҧышәара мҩаҧган

Атомтә бџьар амҩангара зылшо америкатә абомбакажьга B-21 раҧхьатәи аҧырратә аҧышәара мҩаҧган. Аҳаирплан рҧышәеит абҵара 10 рзы, Калифорниа.

Аҳаирплан B-21 ҭнажьит аилахәыра  Northrop Grumman.  B-21 еибыҭоуп иаҳа иҕәҕәоу, усҟак иубарҭам адәахьытә маҭәахәқәа рыла, урҭ рхылаҧшра иаҳа имариоуп, ахарџьқәагьы усҟак идуум. Ҳаирпланк  750 миллион адоллар иаҧсоуп.

Америка аҳаиртә мчқәа  100 раҟара  B-1 аҳаирпланқәа раахара ргәы иҭоуп.