Атәылахьчара аминистрра Михаил Саакашвили аҳаирпланқәа рыла иныҟәарақәа ирызку аиқәшаҳаҭрақәа раргаматәра иалагеит
Атәылахьчара аминистрра Михаил Саакашвили аҳаирпланқәа рыла иныҟәарақәа ирызку аиқәшаҳаҭрақәа раргаматәра иалагеит

Атәылахьчара аминистрра Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили аҳаирпланқәа рыла иныҟәарақәа ирызку аиқәшаҳаҭрақәа раргаматәра иалагеит, — иануп Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.

Аминистрраҿы ишырҳәаз ала, аусбарҭаҿы еиҿкаау акомиссиа ари апроцесс мҩаҧнагоит  азакәан иашьашәаланы.

«Ауаажәларратә интерес ду иазҧхьагәаҭаны, амедиаҿы аларҵәара зауз аинформациа иадҳәаланы, Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра  Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили аҳаирпланқәа рыла иныҟәарақәа ирызку аиқәшаҳаҭрақәа раргаматәра иалагеит.  Аусбарҭаҿы еиҿкаау акомиссиа ари апроцесс мҩаҧнагоит  азакәан иашьашәаланы.   Аргаматәра апроцесс рыдкьыслоит Атәылахьчара аминистрреи аилахәыра «Georgian Airways»-и  2010, 2011,  2012 шықәсқәа рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа.

2012 шықәсазы аминистр иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, 2 еиқәшаҳаҭрак  амаӡара рхыхуп. Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡаразы Атәылахьчара абиуџьет аҟынтә иалхын  14 миллион лари», —  иануп аинформациаҿы.