Атәылауаҩратә активистцәеи аполитикцәеи Гьаргь Руруа иҩны аҧхьа акциа мҩаҧыргеит
Атәылауаҩратә активистцәеи аполитикцәеи Гьаргь Руруа иҩны аҧхьа акциа мҩаҧыргеит. Дара «Ахақәиҭра аполитбаандаҩцәа рзы» зныз абаннерқәеи астикерқәеи кнарҳаит.
Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, Гьаргь Руруеи, иара убас, Давид Гареџьи аус азы иаанкылоу Ивери Мелашвилии Наталиа Илиачевеи акгьы рхарам.
«Абри акциа ала аполитбаандаҩцәа адгылара рзааҳарҧшыр ҳҭахуп. Иқәҳаргылаз аҳәарақәа абаннерқәа ирнуп. Аполитбаандаҩцәа зегьы рхы иақәиҭтәзароуп», — иҳәеит акциа иалахәыз Акаки Кобалаӡе.