Атәыла ахада ладминистрациа аҳәамҭа аланарҵәеит
Атәыла ахада ладминистрациа аҳәамҭа аланарҵәеит

 

Қырҭтәыла ахада Аконституциеи азакәани еилалгом.  „Қырҭтәыла атәылауаҩра иазку“ аоргантә закәан  26-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны,   Қырҭтәыла атәылауаҩра иазку арзаҳал ахәаҧшра аҿҳәара хымз иреиҳамзароуп, –  иануп атәыла ахада ладминистрациа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

„Атәыла ахада лыӡбара иадҳәаланы иазгәаҳҭар ҳҭахуп лара ари азҵаара азинтәи аморалтәи аҵакы  ибзианы ишеилылкаауа. Абри аӡбарала, атәыла ахада аҳәынҭқарратә институтқәа алшара рылшоит иҳәаақәҵоу аҿҳәара иалагӡаны иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҵаны, атәыла арепутациеи аинтересқәеи  рыхьчарц. Иахьа, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш анырыӡбо, атәылазы аҵакы ду амоуп Амилаҭтә банк иаднакылаз  „аурыс аӡбара“ аҧыхра.  Қырҭтәыла  „акылҳара еиқәас“ аҟалара ҳәынҭқарра заҵәык ауп иазҿлымҳау, уи ҳтәыла аинтересқәеи ҳевроатлантикатә мҩеи ишиашо иаҿагылоит“, – иануп аҳәамҭаҿы.

Иара убас, атәыла ахада ладминистрациа аҳәамҭа иануп: „Амилаҭтә банк Ахеилак алахәызааразы акандидатцәа рҟынтә зегьы реиҳа ззанааҭ здыруа, аҧышәа ду змоу Гьаргь  Бақраӡе  икандидатура аргама, хьымӡҕыла  мап ацәкра ашьҭахь, апарламенттә аиҳара  излагаз абри апроцесс цәгьа алиустрациа аҭаххеит, цәыббра 21 рзы апарламент уи шьақәнарҕәҕәеит“.

Ишыжәдыруа еиҧш, цәыббра 22 рзы атәыла ахада ладминистрациа иаланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә интересқәа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Оҭар Ҧарцхалаӡе уажәазы Қырҭтәыла атәылауаҩра имхра ахәҭам ҳәа илыҧхьаӡеит.