Атәыла ахада "Административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкыла" иалагалоу аҧсахрақәа вето рықәылҵом
Атәыла ахада “Административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкыла” иалагалоу аҧсахрақәа вето рықәылҵом. Саломе Зурабишвили ари атәы аалыцҳаит Ахада ихан аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, аоппозициаа иҟарҵаз азгәаҭарақәа дрықәшаҳаҭуп, аха, азакәан азы вето ахархәаразы азинтә ашьаҭа иҟам.
«Уажәы ҳазлацәажәо аконкреттә закәан аҿы авето ахархәаразы азинтә ашьаҭа иазхомызт, аха, ҳаҧхьаҟа, уи еиҧш ахымҧадара ҟалар, атәыла ахада вето азин ахархәара лылшоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада.
«Административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкыла» иалагалоу аҧсахрақәа инырқәыршәаны, азакәан 166-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭа ацҵоуп. Уи ишану ала, ахулиганразы административтә хьырхәра зауз ахаҿы абри аҩыза азинеилагара еиҭаҟаиҵар, 1500 инаркны 2000 лари аҟынӡа ахараҧса иқәырҵоит, мамзаргьы, 5мшы инаркны 15мшы рҟынӡа аҭакра иқәшәоит.
Аредакциа ҿыц азуп зыӡбахәы ҳәоу азакәанеидкыла 173-тәи ахәҭаҷгьы. Уи инақәыршәаны, азинхьчаратә органқәа русзуҩ имаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡара аан иҟаиҵаз адҵа ма изакәантә аҳәара анамгӡаразы, мамзаргьы ажәала ма ҽакала иаҳаҭыр аларҟәразы иазҧхьагәаҭоуп 2000 инаркны 3000 лари аҟынӡа ахараҧса, мамзаргьы 15мшы административтә баандаҩтәра, аҩынтәраан абри аҩыза азинеилагаразы – 3500 инаркны 4500 лари аҟынӡа ахараҧса, ма 7мшы инаркны 15мшы аҟынӡа административтә баандаҩтәра.