Атәыла ахада лпресс-маҵзура адырра ала, 2021шықәса лаҵара 26 рзы, Қырҭәәыла ахада ашьауҕа ақәхра акт ҭлыжьит.
Саломе Зурабишвили 10ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рықәылхит — 3ҩык абаандаҩцәа зынӡа рхы иақәиҭуп, бжьҩык абаандаҩцәа ирықәыз азыӡба аҿҳәара дырмаҷит. Иара убас, ашьауҕа рықәхуп еилаӡарала зус рыӡбаз ҩыџьа ауааҧсырагьы.