Ацхыраара аҳасабла, Швециа Украина 23 миллион доллар азалнахуеит
Ацхыраара аҳасабла, Швециа Украина 23 миллион доллар азалнахуеит

Ацхыраара аҳасабла, Швециа Украина 23 миллион доллар азалнахуеит, – ари атәы адонорцәа жәларбжьаратәи рконференциаҿ “Украиназы” аалыцҳаит Швециа аԥыза-министр Магдалена Андерсон. Швециа алидер Польша имҩаԥысуа аконференциа аиҿкааҩцәа дыруакуп.

Магдалена Андерсон адонорцәа жәларбжьаратәи рконференциаҿ ақәгылараан ишылҳәаз, Украина зыԥшра ҟамҵакуа агуманитартәи афинанстәи ацхыраара азаарԥштәуп, иара убас аҭатәуп арратә аибыҭара.

Андерсон дахцәажәеит Польша анапхгареи атәылауааи Украина азаадырԥшыз адгылареи ацхыраареир рызкны.

Польша имҩаԥысуа аконференциа ихы алаиирхәоит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.