Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра амаҵзура Мтквари аӡиас аҿы иӡыз ауаҩы иҧшааратә усурақәа ирызку аҳәамҭа аланарҵәеит  
Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра амаҵзура Мтквари аӡиас аҿы иӡыз ауаҩы иҧшааратә усурақәа ирызку аҳәамҭа аланарҵәеит  

Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра амаҵзура аҳәамаҭа ишану ала,  сынтәа ажьырныҳәа 31 рзы, Қарҭ,  Мтквари аӡиас аҿы иӡыз ауаҩы иҧшааратә усурақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, жәабран  16-и 17-и рзы Орҭаҷала ацҳа инаркны Русҭави ахырхарҭала Мтквари аӡышьҭраҿ аӡы аҩаӡара дырмаҷраны иҟоуп, убри амшала,  зыӡбахәы ҳәоу аҵакырадгьылаҿ аӡы аҩаӡара етапла ишьҭыҵуеит.

Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра амаҵзура ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵоит ргәы рҽанызарц,  Орҭаҷала ГЕС инаркны Русҭави ахырхарҭала  аӡышьҭра иаҧну аҵакырадгьылаҿ аиҭаҵрантә рҽааныркыларц.

„Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәоит Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра амаҵзура  200ҩык раҟара аиқәырхаҩцәеи,  аӡааҟәрылаҩцәеи,  аҧырратә аппаратқәеи“, – иануп Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра амаҵзура аҳәамҭаҿы.