Аҷара иреиҳаӡоу алхратә комиссиа заанаҵтәи адыррақәа рыла, Аҷара 56,66% рыла аԥхьагылара амоуп "Ақырҭуа гәахәтәы"
Аҷаратәи Автономтә Ареспублика 251 аелектронтә алхырҭа рҟынтә ирыԥхьаӡахьеит 242. Аҷара Иреиҳаӡоу алхратә комиссиа ахантәаҩы Пармен Џьалаӷониа ишааицҳаз ала, 317 алхырҭа рҿы ашәҟәы иҭагалаз 317 119-ҩык алхыҩцәа рҟынтә,Аҷаратәи Автономтә Ареспублика аҿы алхрақәа рышҟа инеит 197 814-ҩык алхыҩцәа (62,38%).
2. Аҷара Иреиҳаӡоу алхратә комиссиа заанаҵтәи адыррақәа рыла, Аҷаратәи Автономтә Ареспублика иреиҳаӡоу ахеилак ахь алхрақәа рҿы аԥхьагылара амоуп «Ақырҭуа гәахәтәы – адемокртаитә Қырҭтәыла» — 56,66% (934 94 бжьы), «Акзаара – Амилаҭтә ҵысра» – 14,03% (23 591 бжьы); «Аԥсахрақәа рзы акоалициа – Гварамиа, Мелиа, Гирчи, Дроа» – 8.68% (14 320 бжьы); «Гахариа Қырҭтәылазы» — 8,92% 14 724 (бжьы); «Иӷәӷәоу Қырҭтәыла – Лело» – 6,26% (10 329 бжьы).