Ацентртә алхратә комиссиа апрокуратура ахь ааԥхьара ҟанаҵоит ахадеи, аполитикцәеи, хаҭалатәи ахаҿқәеи алхрақәа реилахәара иазкны иҟарҵо аҳәамҭақәа ирыдҳәаланы аусԥшаара иалагарц
Ацентртә алхратә комиссиа апрокуратура ахь ааԥхьара ҟанаҵоит ахадеи, аполитикцәеи, хаҭалатәи ахаҿқәеи алхрақәа реилахәара иазкны иҟарҵо аҳәамҭақәа ирыдҳәаланы аусԥшаара иалагарц, – иануп акомиссиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Ацентртә алхратә комиссиа аҳәамҭаҿ ишану ала, аусԥшаараҟны аусеицуреи, аусԥшааразы иаҭаху аинформациа аҭара азыхиоуп.
“2024 шықәсазы имҩаԥгаз Апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа анрылаҳәаха ашьҭахь, Ацентртә алхратә комиссиа аганахьала ажәылареи ҵаҵӷәы змам акритикеи цәырҵит. OBSE/ODHIR анаԥшратә миссиа алхрақәа ахәшьара бзиа анаҭеит, америкатә еилахәыра имҩаԥнагаз аудит аилагарақәа азымԥшааит, аха ари иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла Ахада Саломе Зурабишвилии, алхрақәа ирылахәз аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәеи Ацентртә алхратә комиссиа аганахьала иҵаҵӷәыдоу аахарадҵарақәа рыҟаҵара иалагеит.
Ауаажәларра ирдыруеит, Ацентртә алхратә комиссиа аилагарақәа зегьы рыҭҵаара шымҩаԥнаго.
Аха Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра Ахадеи, аполитикцәеи алхрақәа рылҵшәақәа реилахәара иазкны иҟарҵо аҳәамҭақәа ииашоу ииашаму аилкаара азы, Акомиссиа апрокуратура ахь ааԥҳьара ҟанаҵоит аусԥшаара хацыркырц», -иануп аҳәамҭа аҿы.