Ацентртә алхратә комиссиа - 58 алхырҭақәа рҟынтә адыррақәа еиҭаԥхьаӡан, 44 алхырҭақәа рҟынтә адыррақәа мԥсахит, 14 алхырҭак рыҟнтә адыррақәа маҷк ԥсаххеит
Ацентртә алхратә комиссиа аӡбара инақәыршәаны, абҵара 2 рзы 58 алхырҭақәа рҟынтә адыррақәа еиҭаԥхьаӡара иалагеит. Абжьқәа еиҭаԥхьаӡан 58 алхырҭақәа рҿы, урҭ рҟынтә 44 алхырҭақәа рҟынтә адыррақәа мԥсахит, 14 алхырҭак рыҟнтә адыррақәа маҷк ԥсаххеит, – ари атәы аалыцҳаит Ацентртә алхратә комиссиа апресспикер Наҭиа Иоселиани.
Ацентртә алхратә комиссиа апресспикер лажәақәа рыла, “Иаку амилаҭтә ҵысра” фбжьык рыгхеит, хбжьык ирыцҵеит, “Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла” хәбжьык рыгхеит, 39 бжьы рыцҵеит, “Гахариа – Қырҭтәылазы” 34 бжы рыгхеит.