АцАК адыррақәа рыла, асааҭ 17:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 1 175 817-ҩык алхыҩцәа - 33.5%
АцАК адыррақәа рыла, асааҭ 17:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 1 175 817-ҩык алхыҩцәа - 33.5%

Асааҭ 17:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 1 175 817-ҩык алхыҩцәа – 33.5%. Ари аинформациа аладырҵәеит Алхратә комиссиа хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иахьа, жьҭаара 4 рзы, Қырҭтәыла аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа мҩаҧысуеит. Абжьыҭира иалагеит асааҭ  08:00 рзы, алхырҭақәа иадыркуеит асааҭ 20:00 рзы.

Атәыла аҵакырадгьыл аҿы атәылауаа иалырхуеит 64 сакребуло рахь 2 058-ҩык адепутатцәеи иара  64 ақалақьқәа рхадацәеи.