Асунсион Санчес Руис – Ҳара ари атәыла Евроеидгыла иалазар зҭахуҵәҟьа ақырҭуаа рзы аус аауеит
Асунсион Санчес Руис – Ҳара ари атәыла Евроеидгыла иалазар зҭахуҵәҟьа ақырҭуаа рзы аус аауеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо  Асунсион Санчес Руис лҳәамҭала, иахьа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы  аминистрра ицәырнагеит ҵыҧх Еврокомиссиа Қырҭтәылазы иҳәаақәнаҵаз жә-шьаҿак рынагӡара алҵшәақәа.

Лара лажәақәа рыла, аиҧылараҿы аминистрра ахаҭарнакцәа  ирҳәеит    2030 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟалар шырҭаху.

Руис лажәақәа рыла, дара  абас аҭак ҟарҵеит  – «уажәазы Евроеидгыла алалара апроцесс аанкылоуп, Евроеидгыла алидерцәа ари азы еиқәшаҳаҭхеит рашәара 27 рзы».

«Ҳара Еврокомиссиа аихшьаала аӡбахә ҳҳәеит, ари аихшьаалаҿы Евроеидгыла аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы агәынамӡара аанарҧшуеит. Лымкаала,  «Атәым анырра аартызаара  иазку» азакәан Евроеидгыла алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла иаҧырхагоуп, алидерцәа ишырҳәаз ала, дара атәыла анапхгара рахь ааҧхара ҟарҵоит азакәан дырхынҳәырц, избанзар, ари азакәан амшала Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкылоуп.

Аиҧылараҿы аминистрра ахаҭарнакәца  ирҳәеит    2030 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟалар шырҭаху. Ҳара абас аҭак ҟаҳҵеит  – уажәазы Евроеидгыла алалара апроцесс аанкылоуп, Евроеидгыла алидерцәа ари азы еиқәшаҳаҭхеит рашәара 27 рзы.

Рашәарамзазы имҩаҧгаз адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылараҿы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррель ишиҳәаз еиҧш, ҳара Аҭынчра европатәи афонд аҟынтә Қырҭтәылазы иазҧхьагәаҭаз 30 миллион евро ацхыраара аанаҳкылеит, иара убас, иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа ҳармаҷит. Убри адагьы, атәыла аиҳабыра ацхыраара рыҭара азҵаара ҳахәаҧшуеит. Егьырҭ аҳәамҭақәа ҧыҭраамҭак ашьҭахь иҟаҳҵоит.

Ҳара ари атәыла Евроеидгыла алахәылас иҟалар ҳҭахуп, убри аҟынтә, аус еицаауеит. Евроеидгыла алахәылас иҟалар зҭаху ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит. Убри аҟынтә, ари атәыла Евроеидгыла алахәылас иҟалар зҭахуҵәҟьа ақырҭуаа рзы аус аауеит.

Иара убас, ҳара жьҭааразы имҩаҧысуа алхрақәагьы ҳрылацәажәеит. Алхрақәа зхы иақәиҭу, ииашоу, аконкуренциатә лагылазаараҿы имҩаҧгахап ҳәа ҳгәыҕуеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аимадара ҳамоуп. Евроеидгыла аделегациа аусура нанагӡоит. Ишәхамшҭааит, жә-шьаҿак рыдагьы, ҳара Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭрагьы ҳамоуп, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицура иҭбаауп. Ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит», — илҳәеит Асунсион Санчес Руис.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла аус зуа Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиҧылара мҩаҧган.