Астатистиказы амилаҭтә маҵзура - Лаҵаразы Қырҭтәыла шықәсыктәи аинфлиациа 3.5% иаҟаран
Астатистиказы амилаҭтә маҵзура - Лаҵаразы Қырҭтәыла шықәсыктәи аинфлиациа 3.5% иаҟаран

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура адыррала, 2025 шықәса лаҵаразы Қырҭтәыла аинфлиациа аҩаӡара ҧасатәи амза аасҭа 0.4% иаҟарахеит, аинфлиациа шықәсыктәи арбага  – 3.5%.

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура адыррала, ҵыԥхтәи апериод еиҿҳарԥшыр, 2025 шықәса лаҵаразы ари арбага  2.1% иаҟаран, аҭаҭын аламҧхьаӡакәа абазатә инфлиациа шықәсыктәи арбага 2.0% иаҟароуп.

Астатистикатә маҵзура адыррала,  алкогольтә рыжәтәқәа рыхә 1.6  % рыла иазҳаит, ауҭраҭыхқәеи – 8.7%,  ашәыри ажьи – 8.3% рыла, аӡҵәҵәи алкоголь злам арыжәтәи ашәырӡи  рыхә – 1.8% рыла, аԥсыӡ ахә – 1.4% рыла, ашьақар – 1.2% рыла,  акәац – 0.9% рыла, ача – 0.6% рыла.  Акаҳуа, акакао рыхәа – -0.6% рыла маҷхеит, азеҭи ахәшеи – -0.1% рыла, ахши, аши, акәтаӷьи рыхә – -1.6 рыла.