АшәМ -Украина аҟынтә Қырҭтәылаҟа атҟәацга маҭәашьар "Гексоген" аиагара Бачо Ахалаиа иҽалархәра алшара иадҳәаланы аусԥшаара мҩаԥаагоит
АшәМ -Украина аҟынтә Қырҭтәылаҟа атҟәацга маҭәашьар "Гексоген" аиагара Бачо Ахалаиа иҽалархәра алшара иадҳәаланы аусԥшаара мҩаԥаагоит

АшәМ аланарҵәаз аҳәамҭа инақәыршәаны, Украина аҟынтә Қырҭтәылаҟа атҟәацга маҭәашьар “Гексоген” аиагара Бачо Ахалаиа иҽалархәра алшара иадҳәаланы аусԥшаара мҩаԥнагоит.

«АшәМ аҳәамҭаҿ Бачана Ахалаиа ихьӡ иаарԥшым, аха аҵыхәтәантәи сааҭқәа иара идҳәалоу ахҭысқәа ирыдҳәаланы аинтерес ааҳарԥшуеит», — аарыцҳаит аусҳәарҭа аҟынтә.

Иҟоу адыррақәа рыла, ԥасатәи Атәылахьчара аминистр Бачо Ахалаиа Қырҭтәылаҟа “Гексоген” аагара дадҳәалазар ҟалап.

АшәМ ҩыџьа Украина атәылауаа ааннакылеит, урҭ 2,4 кьыла аҧжәагатә маҭәахә  “Гексоген” рыдбалан. Ишеилкаахаз ала, ари амаҭәашьар “Сарԥи” аҳәаатә пункт ала Қырҭтәылаҟа иааган Румынтәылеи, Болгариеи, Ҭырқәтәылеи рҵакырадгьылқәа рыла. Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, аидаратә машьына украинатәи аномерқәа змаз Mercedes-Benz арныҟәцаҩ ари аҧжәага ирҭеит украинатәи амаҵзура ҷыда ахаҭарнакцәа, Украина аҵакырадгьылаҿ. Иара ари аҧжәага Қырҭтәылаҟа иааганы, аконкреттә хаҿы ииҭароуп ҳәа иарҳәеит. Иаанкылоу ауаҩы ари аҧжәага Урыстәылатәи афедерациашҟа инагатәын ҳәа иҳәеит, аха, аматериалқәа рҿы аҵыхәтәантәи алокациас иарбоуп Қарҭ, Авлабар араионаҿ иҟоу анхарҭатә ҩны.