Асааҭ 10:00 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла зехьынџьаара абжьыҭира рхы аладырхәит 7.38%
Алхратә комиссиа хада аинформациа инақәыршәаны, асааҭ 10:00 рзы иҟоу адыррақәа, абжьыҭира рхы аладырхәит 7.38% алхыҩцәа – 154 163-ҩык.
Зегьы раасҭа активра дууп Раҷа–Лечхуми -9,2%, зегьы раасҭа активра маҷуп Мцхеҭа-Мҭианеҭи – 5.1%.
Алхратә комиссиа хада аинформациа инақәыршәаны, Қарҭ абжьыҭира рхы аладырхәит 7,4% алхыҩцәа – 74 527-ҩык.
Қырҭтәи араионқәа рҟынтә, зегьы раасҭа активра дууп Глдани – 7,8%, зегьы раасҭа активра маҷуп Исани – 6.8%.
Ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи ртур аан атәыла зехьынџьара аус руеит 1830 алхырҭақәа, зынӡа абжьыҭира рҽаладырхәоит 2 088 722ҩ-ык алхыҩцәа.