Армен Саркисиан – Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара - ҳтәылеи арегиони ршәарҭадареи рҿиареи азы зда ҧсыхәа иҟам аҭагылазаашьақәа иреиуп
«Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара – ҳтәылеи арегиони ршәарҭадареи рҿиареи азы зда ҧсыхәа иҟам аҭагылазаашьақәа иреиуп», — иҳәеит Шәамахьтәыла ахада Армен Саркисиан Саломе Зурабишвилии иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
Армен Саркисиан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ҭабуп ҳәа леиҳәеит адкылара бзиа азыҳәан.
Иара ишиҳәаз ала, иахьатәи аиҧылараҿы азҵаарақәа рацәа ирылацәажәеит.
«Ҳара атранспорти, аенергетикеи, атуризми, ақыҭанхамҩеи аусхкқәа рҿы қәҿиарала аус еицаауеит. Иара убас, ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи, иҧсабаратәым аинтеллекти, иҳаракӡоу атехнологиақәеи, абиотехнологиақәеи, акибершәарҭадареи аухкқәа рҿы аусеицура арҭбааразы апотенциал иҟоуп. Ахада илҳәаз еиҭасҳәар сҭахуп. Ахадацәа ринститутқәа русеицура ҳарҭбаар, ҳтәылақәа рыбжьара аустә еизыҟазаашьақәа иаҳа иҳарҕәҕар ҳалшоит. Убри аҟынтә, агәра шәсыргар сҭахуп аустә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы аусеицура шынаҳагӡо», — иҳәеит Армен Саркисиан.