Ареитингтә аилахәыра Fitch Қырҭтәыла асуверентә акредиттә реитинг аперспектив иҭышәынтәалоу аҟынтә, апозитивтә аҟынӡ еиӷьнатәит, ареитинг ВВ аҩаӡараҿ ааннажьит
Ареитингтә аилахәыра Fitch Қырҭтәыла асуверентә акредиттә реитинг аперспективтә иҭышәынтәалоу аҟынтә, апозитивтә аҟынӡ еиӷьнатәит, ареитинг ВВ аҩаӡараҿ ааннажьит.
Аҭҵаара инақәыршәаны, аперспектива аиӷьтәраҿ ароль хада нанагӡеи апандемиа иашьҭанеиуа апериод аан имҩаԥгаз амароекономикатә политика – апандемианӡатәи ауал армаҷра, афискалтә дефицит армаҷра, жәларбжьаратәи арезервқәа рхарҭәаара.
Аҭҵаараҿ ишану ала, ари аекономика азҳара атемпқәа ирнырит.
Жәларбжьаратәи ареитингтә аилахәыра Fitch ахәшьара ала, ари зегьы ареитинг ВВ+ аҩаӡарантә азҳаразы шьаҭас иҟалоит.